АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аԥсны урыстәылаа аԥсшьараз иалырхуа ахырхарҭақәа хәба ирылоуп ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Прайм аналитикцәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аҳаиреимадара анхацыркха инаркны Ҭырқәтәыла актәи аҭыԥ ннакылеит (12,6%), аҩбатәи аҭыԥ Урыстәыла акурортқәа иргеит (11,1%), ахԥатәи –Шенгентәи аиқәшаҳаҭра атәылақәа (8%).
Аԥшьбатәи аҭыԥ – Кипр (5,3%), ахәбатәи – Аԥсны (4%).
"Иахьа атуризм еиҭах алаҵәара аиуит, аҳәаанырцәтәи аныҟәарақәагьы налаҵаны. Атуризм аусхк аҿы аҭагылазаашьа шеиӷьхаз аабо ҳалагеит. Аԥхынтәи амзақәеи цәыббрамзеи ауаа рацәа аԥсшьара ицеит" ҳәа иҳәеит аныҟәаҩцәа рыԥгаԥсамҩаԥгара амаҵзура аҟәша аиҳабы "АльфаСтрахования" Антон Колегов.