АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 637-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 160-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хадаҿы лыԥсҭазаара далҵит 67 шықәса зхыҵуаз апациентка.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 93-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 48-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 18-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 33-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 98-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.