Ишьақәыргылоуп урыстәылатәи атәанчахәыҭара жьҭаарамзатәи аграфик

Нанҳәамза 2020 шықәса инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәытә шәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанктә кассақәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара 2021 шықәса жьҭаарамзазтәи аграфик еиқәнаршәеит.
Жьҭаарамзазтәи урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, жьҭаара 18, 19 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа. Жьҭаара 20, 21, 22 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз.
График выплат российской пенсии АБХ
Жьҭаара 25, 26 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз.
Жьҭаара 27, 28 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз.
Жьҭаара 29, цәыббра 1 - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз.
Абҵара 2 рзы - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.
Нанҳәамза 2020 шықәса инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәытә шәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанктә кассақәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.
Аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роуеит абанкоматқәа рҟынтәи абанктә хсаалагақәа рыла.