Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҟынтә Тегеранҟеи Амстердамҟеи ареисқәа хацыркуп

2020 шықәса нанҳәа аахыс Урыстәыла маҷ-маҷ апандемиа иахырҟьаны иаанкыланы иҟаз ареисқәа рымҩаԥгара еиҭалагеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҟынтә Тегеранҟаи Амстердамҟаи ареисқәахацыркуп. Аԥырра алшоит абҵара 9 инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости коронавирус аԥырҟәҟәааразы аоперативтә штаб адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аԥырра иалагеит: Багамқәа, Иран, Нидерландқәа, Норвегиа, Словениа, Тунис, Швециа, Таиланд рахьгьы.

Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рыбжьара аҳаиреимадара аанкылан хәажәыра 27 2020 шықәсазы апандемиа иахҟьаны. Ззин ыҟаз аидаратә, аԥошьҭатә, асанитартә реисқәа ракәын. 2020 шықәса нанҳәа аахыс Урыстәыла маҷ-маҷ апандемиа иахырҟьаны иаанкылаз ареисқәа аԥкрақәа рхыхра иалагеит.