Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 ахәшәтәразы иҭаҵәахыу ахәшәқәа ртәы ирзааҭгылеит

2021 шықәса ҳааҭалазар Аԥсны иаахәоу ахәшәқәеи, амедицинатә матәахәқәеи, ареагентқәеи, ахыхьчагатә хархәагақәеи 172 049 000 мааҭ рыхә аахәоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҿкчымазара зыхьуа ачымазҩцәа рыхәшәтәразы ахәшәҭаҵәахқәа иҳамоу аԥхьаҟа мызктәи азгәаҭоуп, иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рыҟәша аиҳабы Ахра Аџьба, жьҭаара 15 рзы имҩаԥысыз Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иҭаҵәахны ирымоуп 30 миллион рҟынӡа апрепаратқәа, уахь иаҵанакуеит агуманитар цхыраарагьы.

" Мызкы иҳазхаша ахәшәҭаҵәахқәа ҳамоуп, аха иҟалалоит ҳазқәымгәыӷӡо аҭагылзаашьақәагьы", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аџьба иажәақәа рыла, Гәдоуҭатәи агоспитль жьырныҳәмза аахыс 97 миллиони 346 нызқьи мааҭ рыхә хәшәлеи амедицинатә матәахәқәеи рыла еиқәыршәоуп. 2021 ашықәс зегьы агоспитль иазоужьын 415 ҭоԥ "Артлегиа" 20 695 000 мааҭ рыхә, 50 ҭоԥ " Актемра" 3 миллионки 47 нызықь мааҭи рыхә. Иара убас иазгәеиҭеит , жьырныҳәамза аахыс 50 ҭоԥ апрепарат рызхазҭгьы, уажәы уи хымш ирызхоит.
Анқәаб акоронавирус азы аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоит иҳәеит
Ахәшәтәырҭақәа ирыҭан 22 - ИВЛ аппаратқәеи 60 - ацәыҵәри еизакыгақәеи.
Аџьба иҳәеит, 2020 шықәсазы Урыстәыла заахәара цәгьоу "Актемра" 70 ҭоԥ Ҭырқәтәылантәи ишааргаз.
"Аԥсныформациа" аиҳабы Рустам Адлеиба иазгәеиҭеит, аҿкчымазара ахәшәтәразы иаҭаху ахәшәқәа зегьы рыла ахәшәтәырҭақәа зегь шеиқәыршәоу еиԥҟьарада.
Агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит, "Артлегиеи" "Актемреи" рыдагьы ишаархәо зыхә цәгьоу егьырҭ ахәшәқәагьы.
Акоронавирус аҟынтә ауааԥсыра рыхьчаразы Аԥсны Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит жьҭаара 15 рзы COVID-19 алаҵәаразы иҟоу аҭагылазаашьа ахцәажәаразы.