Аԥсуа ҽыҩқәа алахәхоит Краснодар имҩаԥысуа "Аҽырҩра аамҭа аркра аԥхьахә" агаразы

Аиааира згаз аҽы ианашьахоит зегь раасҭа иҳараку аамҭазтәи аԥхьахәтә фонд - 28 507 500 мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. "Аҽырҩра аамҭа аркра аԥхьахә" агаразы аҽырҩра мҩаԥысуеит Краснодартәи аҽырҩырҭаҿ жьҭаара 17 рзы. Х-шықәса зхыҵуа арабтәи аҽыҩқәа рыбжьара ицәырҵуеит Ахра Ашәба иҽыҩқәа Вронскии Старки. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы.
28 507 500 мааҭ иҟоу аԥхьахәтә фонд азын еиндаҭлоит Урыстәыла аҽырҩырҭақәа зегь рҟынтәи аҽы ццышәқәа.
Аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аиааира ргеит
Асабша жьҭаара 16 рзы аҽырҩырҭаҿ имаԥысит Аҽырҩра аамҭа аркра.
Ростов имҩаԥысуаз аҽырҩра аихшьаалақәа рыла ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит Даур Агәхаа иҽыҩ Сафари Кет.