Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе аҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз аилатәара иазкны

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҩнусбарҭақәеи акоммуналтә усбарҭақәеи рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аилацәажәара ахықәкы атәы.
Sputnik
Аҩнусбарҭақәеи акоммуналтә усбарҭақәеи рнапхгаҩцәа алархәны жьҭаарамза 14 рзы аилатәара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь ахадараҿы. Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе аусбарҭақәа рнапхаҩцәа ирыдиҵеит ауааԥсыра рҟынтәи ироуа азҵаарақәа аамҭа мгакәа ақәҿыртларц. Убасгьы ақалақь ахаҿра, уи ацқьара ҷыдала дазааҭгылеит. Аилатәараны иззаҭгылаз азҵаарақәа уи иаанашьҭырц ииҭаху алҵшәақәа ртәы далацәажәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыпуаҩ арадио Sputnik аефир аҟны.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.