"Аӡыканал" аҟны ирҳәеит иԥжәаз аӡымҩангага зыхҟьаз

Аҟәа ақалакь зегьы ӡыржәтәда иаанхеит амҩаду  Март 4 аҟны ицоз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Март 4 амҩала инагоу аӡымҩангагатә цәаҳәаҿы иҟалаз аԥхасҭа ахҟьеит ишьҭарҵаз аӡымҩангагатә цәаҳақәа рхаҭабзиара ахьылаҟәу, ҳәа аанацҳауеит "Аӡыканал" ақалақь ахадара Instagram ахатәы даҟьаҿы.
Анаплакы изныкымкәан ари амҩаду аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥнагахьеит.
Иазгәаҭоуп, араҟа аӡымҩангагатә цәаҳақәа шышьҭарҵаз 2016 шықәсазы анаплакы "СЭНС" Аинвестпрограммала.
Ахәаша, жьҭаара 15 рзы асааҭ 00:00 инаркны 22:00 рҟынӡа Аҟәа аӡрыжәтә аанкылан.
Ӡыда иаанхеит Ешба имҩаду, Ажәытә ҳабла, "Колос", Адыгаа рымҩа, Ӡиӡариа имҩа, авокзал араион, ақалақь агәҭа, иара убас аџьармыкьеи Алашарбагеи иахьрыҵанакуа.
Аӡыржәтә иазԥхьагәаҭаз аамҭаз иҟамлаӡеит. Аҟәа ақалақь аусбарҭа ишаанацҳуа ала аусурақәа хыркәшаны, аӡыржәтә ҟалоит ашьыбжьон.