АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 97 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Леуарса Ашәба. Абри атәы рҳәеит аветеран иҭаацәа Facebook адаҟьаҟны.
Леуарса Ашәба Аџьынџьтәылатә еибашьрахьы дцеит 18 шықәса анихыҵуаз. Иаразнакгьы ахы даҿагылар акәхеит. Новороссииск ахырӷәӷәарҭаҿ иоуит ахәра ӷәӷәа.
Леуарса Ашәба иман ф-ҩык аишьцәеи ф-ҩык аихәшьцәеи, урҭ рахьтә х-ҩык иашьцәа аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахеит. Ҩыџьа имаҭацәа 1992-93 шш. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьран рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит.
Леуарса Ашәба ианашьан "Германиа аиааирази" " Аибашьраҿы алшамҭақәеи" рзы амедалқәа. 2020 шықәсазын ианаршьеит Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә медал.