"Игәыгәҭажьу" аҟазара: Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа

Аҟәа ақалақь аҟны еиҭашьақәыргылам Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа еиҿыркааз ацәыргақәҵа ахәаша жьҭаара 15 рзы.
Sputnik
1999 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аҟәа ақалақь, Пушкин ихьӡ зху амҩаҟны игылаз ақьырмыт хыбрақәа руак Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иазалихит Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҿкааразы. Уи аахыс ари ахыбра иҟаҵамкәан ишыҟаз иаанхеит.
Асахьаҭыхыҩцәа ирыӡбеит ари аус рнапахьы иааган ахыбра шыҟоу ҩаԥхьа иргәаладыршәарц. Убри аан аҳәынҭқарра ахада иахь шәҟәык намышьҭкәан, аинтернет ҳақәа рахь цәаҳәак мыҩӡакәан, иара ус ацәыргақәҵа аиҿкаара.
Ари аҩыза ахшыҩҵак изцәырҵит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа. Иара ивагылеит асахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи. Жьҭаара 15 рзы игәыгәҭыжьу ахыбраҿ еизеит асахьаҭыхыҩцәа Баҭал Џьапуа, Руслан Габлиа, Мадина Бигәаа, Ныгәзар Логәуа, Беслан Лашәриа, Сабина Кәарҷелиаԥҳа, Саид Возба уҳәа егьырҭ асахьаҭыхыҩцәагь русумҭақәа ирыхәаԥшырц аҟазара абзиабаҩцәа.
1 / 12

Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿы раԥхьаӡа акәны ацәыргақәҵа аатит жьҭаара 15 рзы.

2 / 12

Ацәыргақәҵа мҩаԥысит, 1999 шықәсазы Владислав Арӡынба асахьаҭыхратә галереиа аиҿкаараз иазалихыз, аха иахьа уажәраанӡа игәыгәҭыжьу ахыбраҿ.

3 / 12

Асахьаҭыхыҩцәа ирыӡбеит "ицәҳәу" аҭыӡқәа рыҟны ацәыргақәҵа еиҿыркаарц, уи алагьы рхы агәаларшәара.

4 / 12

Игәыгәҭажьу ахыбрахь иааит аҳҭнықалақь ауааԥсыра.

5 / 12

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари ахыбраҿ иҟан ахацәеи аҳәсеи ргимназиа, амедицинатә абжьаратә ҵараиурҭа, иара убас аимҳәацәгьатә диспансер.

6 / 12

Иахьатәи аамҭаз зархитектура ԥшӡоу ари ақьырмыҭ хыбра рыцҳашьарада узаҩсӡом.

7 / 12

Аӡәырҩы ари ацәыргақәҵа акциан ирыԥхьаӡеит, уи алагь аиҳабыра асахьаҭыхыҩцәа ирызхьаԥшырц.

8 / 12

Аҭыԥҳацәа агәаран иқәгылан, асахьақәа рқәыԥшылараҿ рфотосахьақәа ҭырхырц.

9 / 12

Араҟа ицәырган аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы русумҭақәа.

10 / 12

Аҭааҩцәа хырҩа арымҭаӡеит игәыгәҭажьу ахыбра акәша-мыкәша аҟьамсари абнара ахыиаани иахьыҟаз.

11 / 12

Аусумҭақәа аԥсабарасахьеи дареи еилаӡҩеит.

12 / 12

Акультура аминистрра ари азҵаара аӡбара нап шадыркуа атәы рҳәеит, аха уи аҿҳәара аныкәу аҳәара макьана изаацәоуп.