"Игәыгәҭажьу" аҟазара: Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа

Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҟны еиҭашьақәыргылам Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа еиҿыркааз ацәыргақәҵа ахәаша жьҭаара 15 рзы.
1999 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аҟәа ақалақь, Пушкин ихьӡ зху амҩаҟны игылаз ақьырмыт хыбрақәа руак Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иазалихит Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҿкааразы. Уи аахыс ари ахыбра иҟаҵамкәан ишыҟаз иаанхеит.
Асахьаҭыхыҩцәа ирыӡбеит ари аус рнапахьы иааган ахыбра шыҟоу ҩаԥхьа иргәаладыршәарц. Убри аан аҳәынҭқарра ахада иахь шәҟәык намышьҭкәан, аинтернет ҳақәа рахь цәаҳәак мыҩӡакәан, иара ус ацәыргақәҵа аиҿкаара.
Ари аҩыза ахшыҩҵак изцәырҵит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа. Иара ивагылеит асахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи. Жьҭаара 15 рзы игәыгәҭыжьу ахыбраҿ еизеит асахьаҭыхыҩцәа Баҭал Џьапуа, Руслан Габлиа, Мадина Бигәаа, Ныгәзар Логәуа, Беслан Лашәриа, Сабина Кәарҷелиаԥҳа, Саид Возба уҳәа егьырҭ асахьаҭыхыҩцәагь русумҭақәа ирыхәаԥшырц аҟазара абзиабаҩцәа.
© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿы раԥхьаӡа акәны ацәыргақәҵа аатит жьҭаара 15 рзы.

Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿы раԥхьаӡа акәны ацәыргақәҵа аатит жьҭаара 15 рзы. - Sputnik Аҧсны
1/12

Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿы раԥхьаӡа акәны ацәыргақәҵа аатит жьҭаара 15 рзы.

© Sputnik / Леон Адлейба

Ацәыргақәҵа мҩаԥысит, 1999 шықәсазы Владислав Арӡынба асахьаҭыхратә галереиа аиҿкаараз иазалихыз, аха иахьа уажәраанӡа игәыгәҭыжьу ахыбраҿ.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысит, 1999 шықәсазы Владислав Арӡынба асахьаҭыхратә галереиа аиҿкаараз иазалихыз, аха иахьа уажәраанӡа игәыгәҭыжьу ахыбраҿ. - Sputnik Аҧсны
2/12

Ацәыргақәҵа мҩаԥысит, 1999 шықәсазы Владислав Арӡынба асахьаҭыхратә галереиа аиҿкаараз иазалихыз, аха иахьа уажәраанӡа игәыгәҭыжьу ахыбраҿ.

© Sputnik / Леон Адлейба

Асахьаҭыхыҩцәа ирыӡбеит "ицәҳәу" аҭыӡқәа рыҟны ацәыргақәҵа еиҿыркаарц, уи алагьы рхы агәаларшәара.

Асахьаҭыхыҩцәа ирыӡбеит "ицәҳәу" аҭыӡқәа рыҟны ацәыргақәҵа еиҿыркаарц, уи алагьы рхы агәаларшәара. - Sputnik Аҧсны
3/12

Асахьаҭыхыҩцәа ирыӡбеит "ицәҳәу" аҭыӡқәа рыҟны ацәыргақәҵа еиҿыркаарц, уи алагьы рхы агәаларшәара.

© Sputnik / Леон Адлейба

Игәыгәҭажьу ахыбрахь иааит аҳҭнықалақь ауааԥсыра.

Игәыгәҭажьу ахыбрахь иааит аҳҭнықалақь ауааԥсыра. - Sputnik Аҧсны
4/12

Игәыгәҭажьу ахыбрахь иааит аҳҭнықалақь ауааԥсыра.

© Sputnik / Леон Адлейба

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари ахыбраҿ иҟан ахацәеи аҳәсеи ргимназиа, амедицинатә абжьаратә ҵараиурҭа, иара убас аимҳәацәгьатә диспансер.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари ахыбраҿ иҟан ахацәеи аҳәсеи ргимназиа, амедицинатә абжьаратә ҵараиурҭа, иара убас аимҳәацәгьатә диспансер. - Sputnik Аҧсны
5/12

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари ахыбраҿ иҟан ахацәеи аҳәсеи ргимназиа, амедицинатә абжьаратә ҵараиурҭа, иара убас аимҳәацәгьатә диспансер.

© Sputnik / Леон Адлейба

Иахьатәи аамҭаз зархитектура ԥшӡоу ари ақьырмыҭ хыбра рыцҳашьарада узаҩсӡом.

Иахьатәи аамҭаз зархитектура ԥшӡоу ари ақьырмыҭ хыбра рыцҳашьарада узаҩсӡом. - Sputnik Аҧсны
6/12

Иахьатәи аамҭаз зархитектура ԥшӡоу ари ақьырмыҭ хыбра рыцҳашьарада узаҩсӡом.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аӡәырҩы ари ацәыргақәҵа акциан ирыԥхьаӡеит, уи алагь аиҳабыра асахьаҭыхыҩцәа ирызхьаԥшырц.

Аӡәырҩы ари ацәыргақәҵа акциан ирыԥхьаӡеит, уи алагь аиҳабыра асахьаҭыхыҩцәа ирызхьаԥшырц. - Sputnik Аҧсны
7/12

Аӡәырҩы ари ацәыргақәҵа акциан ирыԥхьаӡеит, уи алагь аиҳабыра асахьаҭыхыҩцәа ирызхьаԥшырц.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аҭыԥҳацәа агәаран иқәгылан, асахьақәа рқәыԥшылараҿ рфотосахьақәа ҭырхырц.

Аҭыԥҳацәа агәаран иқәгылан, асахьақәа рқәыԥшылараҿ рфотосахьақәа ҭырхырц. - Sputnik Аҧсны
8/12

Аҭыԥҳацәа агәаран иқәгылан, асахьақәа рқәыԥшылараҿ рфотосахьақәа ҭырхырц.

© Sputnik / Леон Адлейба

Араҟа ицәырган аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы русумҭақәа.

Араҟа ицәырган аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы русумҭақәа. - Sputnik Аҧсны
9/12

Араҟа ицәырган аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы русумҭақәа.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аҭааҩцәа хырҩа арымҭаӡеит игәыгәҭажьу ахыбра акәша-мыкәша аҟьамсари абнара ахыиаани иахьыҟаз.

Аҭааҩцәа хырҩа арымҭаӡеит игәыгәҭажьу ахыбра акәша-мыкәша аҟьамсари абнара ахыиаани иахьыҟаз. - Sputnik Аҧсны
10/12

Аҭааҩцәа хырҩа арымҭаӡеит игәыгәҭажьу ахыбра акәша-мыкәша аҟьамсари абнара ахыиаани иахьыҟаз.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аусумҭақәа аԥсабарасахьеи дареи еилаӡҩеит.

Аусумҭақәа аԥсабарасахьеи дареи еилаӡҩеит. - Sputnik Аҧсны
11/12

Аусумҭақәа аԥсабарасахьеи дареи еилаӡҩеит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Акультура аминистрра ари азҵаара аӡбара нап шадыркуа атәы рҳәеит, аха уи аҿҳәара аныкәу аҳәара макьана изаацәоуп.

Акультура аминистрра ари азҵаара аӡбара нап шадыркуа атәы рҳәеит, аха уи аҿҳәара аныкәу аҳәара макьана изаацәоуп. - Sputnik Аҧсны
12/12

Акультура аминистрра ари азҵаара аӡбара нап шадыркуа атәы рҳәеит, аха уи аҿҳәара аныкәу аҳәара макьана изаацәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0