АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Рашәарамза 15 инаркны жьҭаарамза 15 рҟынӡа апансионат "Ауадҳара" иаҭааит 1800 - ҩык , ҳәа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк аекскурсиақәеи атуризми рыҟәша аиҳабы Едлан Багаҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, Риҵатәи амилаҭтә ариликттә парк абиуџьет иҭалеит ԥшьмиллионки 973 000 мааҭ инреиҳаны.
Багаҭелиа иазгәеиҭеит, Ауадҳара иаҭааз 80% аҭыԥантәи ауааԥсыра шракәу. Аԥсны инхо ауааԥсыра рзы уахыки-ҽнактәи хә-ҭыԥк змоу аҩны аҟны аангылара рашәара, ԥхынгәы, цәыбрра амзақәа рзы 3000 мааҭ рҟынӡа ирызтәоит, нанҳәамзазы - 4500 мааҭ.
Урыстәылауаа рзы ашықәс иарбан аамҭазаалакгьы 5000 мааҭ иаԥсоуп.
Ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны асасаирҭатә комплекси аҩнқәеи рыҟны аԥсшьара хыркәшахоит жьҭаара 15 рзы.
Багаҭелиа иажәақәа рыла, 2021 шықәсазтәи аԥсшьара аамҭа даара еихьӡарала имҩасит. Ауаа ҭаацәаныла, аҩызцәа еицны иааны мышкы, ҩымш, мчыбжьык рыԥсы шьаны ицон.
Апансионат "Ауадҳара" амшын аҟынтәи зқьи хәышә метра аҳаракыраҿ иҟоуп еицырдыруа аӡҵәыҵәы "Ауадҳара" иацәыхарамкәан. Иара Риҵатәи амилаҭтә ариликттә парк иаҵанакуеит.