Аԥсны ахәҭак лашарада иҟоуп афымцацәаҳәаҿы иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны

Жьҭаара 18 рзы аҳауатә цәаҳәа аҟны иҟалаз афымца еиԥҟьара иахҟьаны Аԥсны аҳҭнықалақь ахәҭаки ҩ-раионки лашарада иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. "Шешелети-1" аҟны иҟалаз афымца еиԥҟьара иахҟьаны фымцалашарада иаанхеит Очамчыреи Гәылрыԥшьи рраионқәеи, Аҟәа ахәҭаки, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Авариа аԥыхразы иадыԥхьалоуп "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа зегьы, иҟалаз зыхҟьаз аилкаара иаҿуп.