Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟынтәи 280-ҩык рҟынӡа ачымазцәа ылырҩаахьеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ҟарҵаразы нанҳәа 18 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19- Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аҟынтә рчымазара рхыганы илырҩаахьеит 286 пациент, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Апациентцәа иахәҭоу ахәышәтәра иахысны, алабораториатә комплекстә ҭҵаарақәа анымҩаԥыргалак ашьҭахь илырҩаауеит анаҩстәи абжьгарақәа рыҭаны.
Аладатәи арратә округ амедусзуҩцәа агоспиталь аҿы нанҳәа 18 инаркны жьҭаара 18 аҟынӡа ирыдыркылахьеит зықьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра.
Уажәы ара аҽыхәышәтәра иахысуеит 95-ҩык, урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара рырҭоит.
Арахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алабораториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Урыстәылатәи амобильтә агоспиталь ахада Аԥсны русура шеиҿкаау далацәажәеит
Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 4 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара, 2,5 нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәышәтәразы стационартә медицинатә хәышәтәырҭоуп. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа уаанӡа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ҟарҵаразы нанҳәа 18 рзы.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. Ара шәҩык инарзынаԥшуа аус руеит бригада-бригадала рҽеихшаны.
Анқәаб акоронавирус азы аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоит иҳәеит