Аҟәатәи амедколлеџьи Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭеи алабҿабатә рбагақәа роуит

Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа 1,5 миллион мааҭ рыхә ахархәагақәеи алабҿабатә рбагақәеи рырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аҟәатәи амедицинатә коллеџьи, Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭеи ООН Ахәыҷтәы фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис аҟынтәи ахархәагақәеи алабҿабатә рбагақәеи рырҭеит, аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Аколлеџьи аҵараиурҭеи ирыҭоуп анатомиатә модельқәа, афантомқәа/аманекенқәа, амедицинатә мыругақәа, ахалаҭқәа, аплакатқәеи апостерқәеи, иааидкыланы 1,5 миллион мааҭ рыхә ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҟәатәи амедицинатә коллеџьи Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭеи аҳамҭақәа роуит
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ахәыҷтәы фонд (ЮНИСЕФ) ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Агәабзиарахьчара аминистрра аҳәарала амедицинатә ҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа ирҭахны иҟоу ахархәагақәа аанахәеит. Уи ҳара ҳзы акраҵанакуеит", - иҳәеит аминистр.
Аҟәатәи амедколлеџь аҿы аҵара рҵоит 378 студент, Гагратәи амедҵараиурҭаҿы – 100-ҩык.