АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" хацдыркит жьҭаара 19 рзы Аҟәа, иҳәеит Аԥсны аинвалидцәа-ампутантцәа Рфедерациа аиҳабы Џьамал Барцыц.
Аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир мҩаԥысуеит Аҟәа
© Sputnik / Леон Адлейба
Атурнир мҩаԥысуеит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазкны. Ахәмаррақәа зегьы мҩаԥысуеит аиҳабыра уаанӡатәи рхыбра аҿаԥхьа иҟоу адә-маҷ аҿы.
"Аицлабрақәа мҩаԥысуеит бжьымш рыҩныҵҟа. Афинанстә проблемақәа ирхырҟьаны аҳәаанырцәҟа ҳазцом, аха шықәсык ахь ҩынтә-хынтә аиԥыларақәа рымҩаԥгара ҳалшоит", - иҳәеит Барцыц.
Амилаҭтә командақәа рлахәылацәа рҟынтәи иҟоуп 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ахәра зауыз. Аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" иалахәуп Аԥсны, Барнаул, Чечнтәыла, Кемерово, Казань, Даӷьестан рҟынтәи аспортсменцәа.
Аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир мҩаԥысуеит Аҟәа
© Sputnik / Леон Адлейба