Иури Воронов 80-шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аконференциа аусура мҩаԥысуеит Аҟәа

Иури Воронов – аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз Урыстәылатәи агеографиатә еилазаара далахәылан, данҭаха ашьҭахь ианашьан Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иури Воронов 80-шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аартуп Аҟәа.
Аҵарауаҩ, аполитик, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ: Иури Воронов 80 шықәса ихыҵуазаарын
Аилатәара аартуа Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба инаҵшьны иазгәеиҭеит Иури Воронов Аԥсны иҿыцу аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда шникылоз.
Иҳәеит Воронов ҵарауаҩык иҳасаб ала аԥсуа ҭҵаарадырреиԥш аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿгьы ихәҭаа ду шалаз.
Анаҩс аконференциа алахәылацәа дрыдныҳәалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
"Иури Николаи-иԥа ааԥсара ззымдыруаз ҵарауаҩын, Аԥсни Кавказ зегьы рҭоурых аҭҵаара дашьҭан, иԥсҭазаара зегьы доуҳала, дала-шьала дызларсыз Аԥсни Урыстәылеи рымаҵ аура иазкын" ҳәа азгәеиҭоит атәыла ахада.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Иури Воронов аиашара дшазықәԥаҩыз, дышпатриот иашаз.
"Иури Николаи-иԥа Воронов иԥсҭазааратә мҩа кьаҿзаргьы, илашан. 26 шықәса ҵуеит рыцҳарыла дҭахеижьҭеит. Ихаҭареи Аԥсны аҭоурых аҿы, аҭҵаарадырраҿы, акультураҿ, ауаажәларратә хәыцраҿы, амилаҭтә қәԥараҿы иааникылоз аҭыԥ иахьа иаҳагьы иккаӡа иубоит", - аҳәоит ашәҟәаҿы.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, иахьа иаартыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә форум амҩаԥгара шаԥшьгамҭоу Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт.
1 / 6

Иури Воронов 80-шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аконференциа аусура мҩаԥысуеит Аҟәа

2 / 6

Иури Воронов 80-шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аконференциа аусура мҩаԥысуеит Аҟәа

3 / 6

Иури Воронов 80-шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аконференциа аусура мҩаԥысуеит Аҟәа

4 / 6

Иури Воронов 80-шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аконференциа аусура мҩаԥысуеит Аҟәа

5 / 6

ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан Иури Воронов анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы.

6 / 6

ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан Иури Воронов анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара иуалԥшьаны ирыԥхьаӡоит аҭҵаарадырра аҿиара алзыршо, еиуеиԥшым атәылақәа рҵарауаа рыбжьара аиныррақәа мҩаԥызго ауснагӡатәқәа ацхыраара рыҭара", - иҳәеит иара.
Ахада иқәгылара ашьҭахь еизаз идырбан Иури Воронов изкыз адокументалтә фильм .
Аҭҵаарадырратә конференциа аартра аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан Иури Воронов анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы.
Вороноваа р-"Ясочка": аҭоурых ду змоу аҩнра
Иури Воронов диит 1941 шықәса, лаҵарамза 8 рзы шьҭрала иаамысҭцәаз аҭаацәараҿы, Ҵабал ақыҭан. Ҵабалтәи абжьаратә школ аҿы аҵара иҵон, анаҩс далгеит аҟәатәи абжьаратә школ №3. 1965 шықәсазы далгеит Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет аегиптолог изанааҭ иманы.
Иреиҳаӡоу аҵара иманы Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Аусура далагоит Аԥсны акультура абаҟақәа рыхьчаразы Аусбарҭаҿ аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс.
Иури Воронов аус иуан аҭоурыхи, абызшәеи алитературеи Аԥснытәи ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут археологиа аҟәша аусзуҩ нагас.
1991 иара депутатс далхын Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь. Хәажәкырамза 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 1993 шықәсанӡа иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ауаҩы изинқәеи жәларбжьартәи аизыҟазаашьақәеи рзы акомиссиа деиҳабын.
1993 шықәса рзы Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахада ихаҭыԥуаҩыс далхын, 1995 аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс. Аҵарауаҩ дҭархан цәыббра 11, 1995 шықәсазы Аҟәа дахьынхоз аҩнаҿы.