Апрокуратура хада омбудсмен иҭаку рганахь ала амч рхы иадырхәоит ҳәа лҳәамҭа аҭак арҭеит

Аԥсны ауаҩы изинқәа зыхьчо Асида Шьаҟрылԥҳа жьҭаара 7 азы аҳәамҭа ҟалҵеит, омбудсмени Апрокуратура хадеи русура алҵшәа аанарԥшуам, ма ҭакда иаанхоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Омбудсмен Асида Шьаҟрылԥҳа Аԥсны иҭаку рганахь ала амч рхы иадырхәоит ҳәа лҳәамҭа Апрокуратура хада апресс-маҵзура ахҳәаа анаҭеит.
Атекст аҿы иазгәаҭоуп апрокуратура аусбарҭақәа 2020 шықәсазы омбудсмен лаашьҭымҭақәа зегьы ирыхәаԥшит, хаз-хазгьы аинформациа азнархиеит ҳәа.
Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥылгаз апресс-конференциаҟны омбудсмен илҳәеит, иҭакыз ауаҩы дахьырыпҟаз азы аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа дҭашәеит ҳәа.
"Иҟоуп усеиԥш аус. Амилициа аусзуҩцәа иаанкылаз арԥыс дрыпҟеит, ихы ԥырҽит, акыршықәсагьы аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа дҭоуп. Аха уи азы аӡәгьы аус дақәыдмыршәеит", - лҳәеит лара.
Омбудсмен Аԥсны иҭаку рганахь ақәымчраз иҟоу ауадаҩрақәа дрылацәажәеит
Ауаҩы изинқәа зыхьчо лҽыԥныҳәа аҭак ҟаҵо, Апрокуратура хада Галтәи араионтә прокуратура 2017 шықәсазы абри аганахь ала имҩаԥнагаз аусҭҵаара акгьы шышьақәнамырӷәӷәаз аҳәеит.
"Ахаҿы, 2016 шықәса ԥхынгәы 7 азы, ақәылара ашьҭахь ииӷьычыз иман данцоз аахақәа иоуит. Уи ус шакәу шьақәырӷәӷәоуп афактқәа рыла. Галтәи араионтә ӡбарҭа ацәгьоура шымҩаԥгаз шьақәыргыланы 2018 шықәса хәажәкыра 23 азы ари ахаҿы иганахь ала амедицинатә усҳәарҭа "Иҷыдоу аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа" аҿы мчыла ихәшәтәразы ауснагӡатәқәа рыдкылара аҭахуп ҳәа азгәанаҭеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иара убри апресс-конференциаҿ Асида Шьаҟрылԥҳа илҳәеит, иҭаку дыргәаҟуеит ҳәа. Ҿырԥштәны иаалгеит Анзор Ҭарба ихҭыс.
Аофициалиә експертиза аргәаҟра аҭыԥ аман шаҳәогьы аӡәгьы уи ус шакәу изышьақәмырӷәӷәац. Ари иаанаго апроблемақәа ҳамоуп ауп. Аус азы аматериалқәа анализ рзыҟаҳҵеит, аилагарақәа рацәаны иаабеит, ҳалкаагьы апрокуратурахь иҳашьҭит, аха макьана зхьаԥшрак амам лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.
Аҭакс Апрокуратура хада аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны ААР аусзуҩцәа Ҭарба иганахь ала амч рхы иадырхәеит ҳәа ахара рхаҵаразы Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ лҟынтәи лкаак ҳмоуит ҳәа.
Апрокуратура хада иазгәанаҭеит- омбудсмени азинхьчаратә усбарҭеи русеицура аԥыжәара шанаҭо.