Аслан Бжьаниа амаинерцәа фымцалашарала еиқәзыршәар зылшо астанциа маҷ даҭааит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жьҭаара 20 азы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвистициатә программала аремонт ззыҟарҵо ахыбрақәа дырҭааны игәеиҭоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа.Аслан Бжьаниа аинвестпрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу аенергетикатә хыбрақәа ргәаҭараан даҭааит зымчхара 16 мегаватт иҟоу астанциа маҷ "Гьечрыԥшь".
Ари афымцатә станциа маҷ акриптовалиута арҳаразы атехнопарк амаҵ азнаулоит ҳәа азгәаҭоуп.
Ахада инапынҵала урыстәылатәи аган ахь ажәалагалақәа азырхиан. Уажәазы афымцалашара аиура азҵаара иалацәажәоит, ахышәаҵышәеи атарифқәеи рызҵаара рыӡбоит. Аӡбра шрыдыркылалак аиԥш аобиект азырхиара иалагоит. Ари актәи аетап ауп.
Кристина Озган
Аԥсны аекономика аминистр
Озган лажәақәа рыла аобиект ауааԥсыра ирԥырхагамкәа автономнтә лашараиуразы аҩбатәи аетап аусура иаларгахоит.
Бжьаниа аинвестпрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу аенергетикатә хыбрақәа дырҭааит
Урыстәылатәи аҟазауаа ражәалагалала актәи аетап аан астанциа маҷ амчхара 50-60 мегаватт ихагалатәуп. Аҩбатәи аетап аан аҽа станциа маҷк, резерв ҳасабла иаҭахуп, избанзар алашара ыцәаны Урыстәылантә Аԥсныҟа аашьҭраан астанциа маҷ "Гьечрыԥшь" аанкылахоит, алашара ауааԥсыра ирзынашьҭлахоит.
Аԥсны официалла акриптовалиута арҳаразы азин ыҟам, афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара ахьырзышьҭымхуа иахҟьаны.
Урыстәылатәи аекспертцәа Аԥсны аенергетикатә система ҭырҵаауеит