Аԥсни Урыстәылеи ацитрустә сезон аамҭазы аҳазалхратә усеицура иалацәажәеит

Атәылақәа рыҩба рҳазалхратә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа аамҭа-аамҭала реиԥылара мҩаԥысуеит ицәырҵуа апроблематә зҵаарақәа рыӡбаразы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20– Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа сынтәатәи акурорттә сезон аихшьаалақәа ҟарҵеит, ирылацәажәеит иааираны иҟоу ақыҭанхамҩатә сезон аҽазыҟаҵара азҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа асаит.
В г. Сочи обсудили вопросы таможенного сотрудничества в период сельскохозяйственного сезона
Шәача аилацәажәараҿы иазгәаҭан аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аԥхынтәи амзақәа раан аушьҭратә лшара хәынтә еиҳаны ишымҩаԥнагоз. Убас, лаҵара-жьҭаара рзы аурыс-аԥсуа ҳәаа наҟгьы-ааҟгьы иахысит быжь-миллионк рҟынӡа ауааԥсыреи, 1,5 миллион рҟынӡа транспорттә хархәагеи. Ашықәс иалагазар – 9,6 миллион хаҿи 2 миллион транспорт хархәагеи.
Ашықәс иалагазар Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа жә-миллионҩык инареиҳаны иахысхьеит
Аилацәажәараҿы иазгәаҭан, ианаамҭаз ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" еиԥҟьарада акурорттә сезон азы аусура шалныршаз.
"Атранспорт цәаҳәақәа рымаҵ ауразы Краснодартәии Ҟрымтәии аҳазалхырҭақәа рҟынтәи ауаа адыԥхьалан, апост аштат иацҵан, амаҵзурауаа ракәзар оперативла егьырҭ аҳәынҭқарратә хылаԥшратә усбарҭақәа ирныруан", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аганқәа азхьаԥшра ҷыда арҭеит аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгара апроцесси аҳәаа иахырго аалыҵ аҳазалхратә хылаԥшреи рызҵаарақәа. Аԥснынтәи ииарго ақыҭанхамҩаалыҵ аиҿкаареи ахылаԥшреи аҳазалхыҩцәа рзы реиҳа ихадароу зҵаараны иҟоуп.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара ацитрусқәа раахәаратә хәыԥса шьақәнаргылеит
2020 шықәсазы иазгәаҭан арекордтә аалыҵ аиагара: 55 000 тонна ацитрусқәа Аԥснынтә Урыстәылаҟа ииаган. Убас ԥхынҷкәынмзазы уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуан 700 еидарамҩангага ақыҭанхамҩатә аалыҵ рыманы. Сынтәазы иазыԥхьагәарҭоит 27 000 тонна ацитрусқәа аҳәаа иахыгахап ҳәа.
Уаанӡатәи аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсны ақыҭанхамҩа аалыҵ ахкқәа ахәшәаратә информациеи рызҵаарақәа.