АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Аԥсны хымштәи Жәларбжьаратәи арратә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Лизберт Поцхор-оӷлы.
Аминистр идҵала имҩаԥысуеит аҽазыҟаҵарақәа. Урҭ жәларбжьаратәуп ҳәа рзуҳәар ҟалоит, Аахыҵ Уаԥстәыла абаталион ҷыдеи Урыстәылатәи арратә базеи рыррамаҵзурауаа ахьалахәу азы. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп Тҟәарчалтәи арезервистцәа, Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа астудентцәа, Аԥшыхәратә центр аруаа. Урыстәылатәи аруаа акәылӡтехникала ҳаиқәдыршәеит. Ҳара-артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи рыла.
"Аҽазыҟаҵарақәа раԥхьатәи ҩымш рҳәаа иҭагӡаны адҵақәа ҭырҵаалоит, аизарақәа мҩаԥыргалоит. Арезервистцәа формала еиқәҳаршәоит, абџьар раҳҭоит. Зхатәы бџьар змоу ихы иаирхәар ҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи. Аҽазыҟаҵарақәа хымш имҩаԥысуеит, ихыркәшахоит Ҵабал аҽазыҟаҵарҭаҿы.