Нанҳәамза анҵәамҭазы аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ, ҳера V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа.
"Аҭоубыҭ аҩныҵҟа уаҳа акгьы ыҟамызт избанзар ақьырсиан аамҭа иатәуп. Усҟан дыԥҳәысымзар иԥсыз акгьы ицҭарҵомызт. Абаҩқәа рыла дхаҵоуп ҳәа уҳәартә иҟоуп" - иҳәеит архиолог Александр Скаков.
Уаанӡа атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа ма ауаа дырқәа, аиҳабыра ракәын, ҳәа азгәеиҭахьан Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа.
Иара убас, ари иазку шәаԥхьар шәылшоит:
Гиуенос аҭыԥ аҿы иԥшааз атсалых ҭоубыҭ аҵарауаа ихдыртит