Гиуенос аҭыԥ аҿы иԥшааз атсалых ҭоубыҭ аҵарауаа ихдыртит

© Sputnik / Томас Тхайцук Ученые вскрыли свинцовый саркофаг, найденный в городище Гюэнос
Ученые вскрыли свинцовый саркофаг, найденный в городище Гюэнос - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза анҵәамҭазы аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ, ҳера V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа.
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гиуенос аҭыԥ аҿы аԥхынразы иԥшааз атсалых ҭоубыҭ Урыстәылатәии Аԥснытәии аҵарауаа ихдыртит, ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи акорреспондент.
Урыстәылатәи археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Александр Скаков иҳәеит аԥшаарақәа ишрылагаз аԥхынразы.
"Аԥсны иахьаҵанакуа абри аҭыԥ заҵәык ауп антикатә полис ҳәа ишьоу. Иахьа уажәраанӡа аимак-аиҿак цоит ажәытә Диоскуриа ахьыҟаз азы. Иахьанӡагьы иԥшаам Питиунт", – иҳәеит иара.
Византиатәи аамҭақәа рзы ари аҭыԥ аҿы иҟан ақалақь.

Аметалл иалху аҭоубыҭ усҟантәи аамҭа иатәу Византиа зегь аиԥш ақьырсиан дунеи зегьы азгьы зыда ыҟам ԥшаахуп. Уажәраанӡа Кавказ, Амшенеиқәаҿықә, ма уаанӡатәи СССР аҵакыраҿы ари аҩыза рымбацызт. Асеиԥш иҟоу аҭоубыҭқәа рбахьан Ҭырқәтәыла, Франциа, Англиа.

Археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Сергеи Шамба уаанӡа иҭиҵаауан Гиуенос ақалақьҭыԥ. Иара иҳәеит ишыԥшааз VI ашәышықәса иаҵанакуаз аматериалқәа.
"Уаҟа VI ашәышықәса иаҵанакуаз ауахәама аныҳаԥшааз аӡбахә уаҩы имаҳацызт", - иҳәеит иара.
Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит ажрақәа ирыцырҵар Аԥсны аҭоурых аҭҵааразы акыр аинтерес зҵоу аԥшаахқәа ҟалоит ҳәа.
Аҵарауаа аҭоубыҭ анхырт ауаҩы иԥсыбаҩ рбеит.
"Аҭоубыҭ аҩныҵҟа уаҳа акгьы ыҟамызт избанзар ақьырсиан аамҭа иатәуп. Усҟан дыԥҳәысымзар иԥсыз акгьы ицҭарҵомызт. Абаҩқәа рыла дхаҵоуп ҳәа уҳәартә иҟоуп" - иҳәеит Александр Скаков.
Нанҳәамза анҵәамҭазы аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳера V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа.
Уаанӡа атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа ма ауаа дырқәа, аиҳабыра ракәын, ҳәа азгәеиҭахьан Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0