АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 613-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 135-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы лыԥсҭазаара далҵит 82 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 72 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 92-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 50-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык ачымазҩцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 34-ҩык, урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазаҩцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 94-ҩык ишьҭоу рҟынтәи 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.