Жьҭаара 21 азы Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит

Афымцалашаратә хархәагақәа Аҟәатәи русбарҭа ауааԥсыра адырра рнаҭоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥыро.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Жьҭаара 21 азы Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарыдҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит афымцалашаратә хархәагақәа Аҟәатәи русбарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Асааҭ 13:00 - 15:00 рзы алашара ҟалаӡом амҩақәа: Сахарова, Гулиа, Коӷония, Ҷоҷуа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа рҿы.