Жәамш рыҩнуҵҟа Аԥсныҟа аимҳәазы алаҵа ааргоит

Аимҳәаҟынтә Аԥсны ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара хацыркхоит жьҭаарамза анҵәамҭа абҵарамза алагамҭаз.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Жәамш рыҩнуҵҟа Урыстәылантәи Аԥсныҟа аимҳәазы 3 000 лаҵа ааргоит ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра хәшәлеи амедицинатә мыруыгалеи реиқәыршәара аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба.
""Гриппол плюс" аагараны ҳаҟоуп. Алаҵа Москвантә жәамш рыла иааргоит. Ари ахәыҷқәагьы адуқәагьы ирзырхоуп. Фымз иреиҳау ахәыҷқәа рзыҟаҵара ҟалоит", - иҳәеит иара.
Алаҵа аминистрра аҵәахырҭаҿы ишьҭаҵахоит, азыҳәақәа рыла еихыршоит, ҳәа азгәеиҭеит Аџьба.
Иара ишиҳәо ала ахәыҷқәа Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы алаҵа рзыҟарҵоит, араионқәа рҟны – ахәшәтәырҭақәа рҿы. Аџьба иҳәеит аимҳәеи акоронавируси аамҭак ала алаҵа аицырзыҟаҵара шәарҭара алам ҳәа ишыԥхьаӡо.
"Ари азҵаара аҟазауаа азхьаԥшуеит аха ԥкрак ыҟам. Алаҵаҟаҵара ҳалагаанӡа аилацәажәара мҩаԥаагоит, нас алаҳәара ҟаҳҵоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла ицәырҵыр ҟалоит ахәыҷқәа рзы алаҵа
"Гриппол плюс" – х-еилазаарак змоу лаҵоуп. Ахәыҷқәагьы адуқәагьы ирыдыркылар ҟалоит. Сынтәа иҟоу аимҳәа аштаммқәа ахәаҽуеит ААЕ астандартқәа ирықәшәоит, ҳәа иҳәеит Аџьба.

"Аимҳәеи акоронавируси рзы алаҵа хымԥадатәиуп, уахьчоит. COVID-19 аанкылара зылшо алаҵоуп", - ҳәа иҳәеит Аџьба.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла аимҳәаҟынтә Аԥсны ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара хацыркхоит жьҭаарамза анҵәамҭа абҵарамза алагамҭаз.