Аҟәа агәаҿы амҩеихысырҭа адыркуеит жьҭаара 23 азы

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аԥара рзоужьуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма 2020-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Лакоба имҩаҿы ақәаршыҩцарҭатә коллектор аиҭашьақәыргылараз асабша, жьҭаара 23 асааҭ 09:00 инаркны асааҭ 22:00 рҟынӡа Лакобеи Џьонуеи амҩақәа реихысырҭаҿы аныҟәара аанкылахоит. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
Аҟәа ахадара АКУ адепартамент аиҳабы Руслан Аҩӡба ишиҳәо ала Абазақәа, Гәлиа, Џьонуа амҩақәа рҟны ақәаршыҩцарҭақәа рышьҭаҵара иаарласны ихыркәшахоит.
Арҭ амҩақәа хԥа рыҟны аӡеиқәыршәареи аӡымҩахгагеи рсистемақәа аиҭашьақәыргылараратә усурақәа ирҿуижьҭеи шықәсык иназынаԥшуеит. Ауадаҩрақәа ыҟан Абазақәа рымҩаҿы ақәаршыҩцарҭатә коллекторқәа рышьҭаҵараз.
Аҟәатәи амҩақәа хԥа рҿы ақәаршыҩцарҭақәа рыԥсахуеит ашықәс нҵәаанӡа
Аусурақәа аԥара рзоужьуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма 2020-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны.