Анхәа аҭыԥ змаз адгьылҳәазара арӷәӷәаразы аусурақәа ирылагеит

30 - 70 метра аҵакны 2021 шықәса аԥхынразы адгьыл ҳәазеит Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Анхәа аҭыԥ змаз адгьылҳәазара арӷәӷәаразы аусурақәа ирылагеит, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныҟәарахьчара" анџьныр хада Иури Воробев.
Раԥхьа иҳәазаз адгьыл ахь анеиразы аамҭалатәи амҩа ҟаҵатәуп. Жьҭаара 20 азы уахь атехника наҳашьҭит, аӡы амҩахгаразы атрубақәа шьҭаҳҵеит. Уажәы уа иҟоу ажра анышә ҭажьтәуп. Аиашаз аӡытҟәа ҟалеит уи аҭыԥ аҿы. Арҭ аусурақәа шымҩаԥаагалак аҩбатәи ахәҭахьы ҳаиасуеит, иҳәеит Воробев.
Воробьев иазгәеиҭеит 0,8 метра инаркны метрак аҟынӡа аҭбаара змоу, 4 метрак аҳаракыра змоу абетон ҭыӡқәа ҩба ргылатәуп, бжьаратәла 50 - 60 метра рҟынӡа. Аҭӡы агәашьақәа иныркылоит.
Адгьыл ахьыҳәазаз аҭыԥ аҿы ахатәыҩн гылоуп. Уи ахәҭакала ааха аиуит. Аҟазауаҩ иҳәеит аҭыӡқәа руак ари аҩны аҟынтә жәабаҟа метра роуп иахьацәыхароу, уи аҩны арӷәӷәаразоуп ҳәа.
Аҩнаҿы инхо рыуацәа рахь ииасны иҟоуп аамҭала.
Воробев ишиҳәо ала аусурақәа 17 миллион мааҭ рҭахуп. Апроект нанагӡоит Аԥсны УКС.
Анхәа аҭыԥ змаз адгьылҳәазара арӷәӷәаразы аусурақәа ирылагоит
30 - 70 метра аҵакны 2021 шықәса аԥхынразы адгьыл ҳәазеит Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан.
Анхәуа Афон Ҿыц ашьхара иаԥнуп.