Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә маҵзурақәа Москва аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵарҩит

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа зхадараҿы дыҟоу аделегациа Москва жьҭаара 21-22 рзы имҩаԥысуа Афорум –2021 иалахәуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22- Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә маҵзурақәа Москва имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҳазалхратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵарҩит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп анапы шрыҵаҩу Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара имҩанырго атауар аҳазалхратә хәыԥсазы адыррақәеи адокументқәеи реимдаразы аԥкаанҵеи афымцамчтә ҳақәа рыла имҩанырго атауар аҳазалхратә хылаԥшразы аиқәшаҳаҭреи. Иара убасгьы Афедералтә ҳазалхратә маҵзуреи (Урыстәылатәи Афедерациа) Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилки рыбжьара Аԥсны аҳәынҭқарраҟны аҳазалхратә напхгараҭара автоматизациа арҿиараз аилибакааразы амеморандуми.
Международный таможенный форум
Аԥсны Аҳазалхратә еилакы апресс-маӡаныҟәгаҩ Кристина Гогьиаԥҳа иазгәалҭеит Афымцамчтә ҳақәа рыла имҩанырго атауар аҳазалхратә хылаԥшразы аиқәшаҳаҭра Аԥсны аҳазалхратә политика анагӡара анырра бзиа шанаҭо аҳазатә баџьқәеи, ашәахтәқәеи ршәаразы.
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә маҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилки рыбжьара имҩанырго атауар аҳазалхратә хәыԥсазы адыррақәеи адокументқәеи реимдаразы Аԥкаанҵа анапаҵаҩра атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра арҿиоит, ҳәа ахылҳәааит Гогьиаԥҳа.