Аԥсны жьҭаара 22 рзы ҭыԥқәак рҿы алашара ҟалаӡом

Алашара арцәара мҩаԥгахоит авольтҳарак цәаҳәақәеи астанциа маҷқәеи рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарыдҳәаланы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аԥсны жьҭаара 22 азы ҭыԥқәак рҿы алашара ҟалаӡом ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарыдҳәаланы жьҭаара 22 ашьыжь асааҭ 10:00 - 12:00 рзы идырцәоит АМ "Кәачара", асааҭ 10:00 - 16:00 - АМ "Мықә".
Асааҭ 12:00 - 18:00 рзы авольтҳарак цәаҳәа 110 кВ а иҭашьақәыргыларазы ирцәахоит астанциа маҷқәа "Холоднаиа речка", "Цандрыԥшь-тиага", "Гечрыԥшь".