Даанкылоуп 20 шықәса инреиҳаны ауҩы диӷьычит ҳәа изышьҭаз

Қәҭарба Беслан даанкыланы Гәылрыԥшь араион ААР аамҭалатәи аҭакырҭахь днагоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә усбарҭа аҟәатәи аҟәша аусзуҩцәа 2021 шықәса жьҭаара 17 азы дааныркылеит 2000 шықәсазы ауаҩы диӷьычит ҳәа изышьҭаз Қәҭарба Беслан. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Нанҳәа 4 2000 шықәсазы 1971 шықәсазы ииз Қәҭарба Беслан Валикәа-иԥа иганахь ала ашьаус хацыркын Буава Д.М. диӷьычит, автотранспорттә хархәага мҵаирсит, амилициа аусзуҩ иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит, закәаншьаҭада абџьар иман иагьныҟәигон ҳәа.
Иара убри ашықәс жьҭаара 25 азы Қәҭарба Беслан иԥшаара рылаҳәан.
Қәҭарба даанкылоуп 20 шықәса рышьҭахь – жьҭаара 17 2021 шықәсазы.
Жьҭаара 21 2021 шықәсазы Гәылрыԥшь араион апрокуратура ашьаус еиҭахацнаркит.
Қәҭарба Беслан даанкыланы Гәылрыԥшь араион ААР аамҭалатәи аҭакырҭахь днагоуп.