Гагра анхәа ԥсшьара дрышьҭыр ахьырҭаху аҭыԥқәа жәаба ируакуп

Жьҭаара 24 азы адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит иаофициалтәым аныҳәа – Жәларбжьаратәи анхәа лымш.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 - Soutnik. Гагра анхәа ԥсшьара дрышьҭыр ахьырҭаху аҭыԥқәа жәаба ируакуп, ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рҟынтә адыррақәа шьаҭас иганы.
Аиҳараҩык анхәацәа бзиа ибаны рыԥсы ршьоит Кавказтәи аӡҵәыҵәқәа рҿы, анаҩс – Ҟрым, 27%, нас – Магадан, 13%.
Гагра ари ареитинг аҿы ахәбатәи аҭыԥ ааннакылоит.
Анхәа ԥсшьара лышьҭраз иалыркаауа аҭыԥқәа жәаба:
Кавказтәи аӡҵәыҵәқәа, 27%
Ҟрым, 23%
Магадан, 13%
Абнара иахьаҵанакуа, 12%
Гагра, 9%
Алтаитәи атәылаҿацә, 6%
Калининградтәи аобласт, 4%
Тула, 3%
Краснодартәи атәылаҿацә, 1,3%
Кострома, 1,3%
* Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рҿы аҭҵаарақәа рыла.