Аԥсны АҶА аҟны ирҳәеит сынтәатәи аҽыкәабаратә сезон азы шаҟаҩы еиқәдырхаз

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа аӡҭаларҭақәа рҟны сынтәатәи аҽыкәабаратә сезон азы АҶА аусзуҩцәа 50-ҩык еиқәдырхеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭинспекциа.
Официалла Аԥсны аҽыкәабаратә сезон аартын рашәарамза 5 рзы, иаркын цәыббра 28 рзы. Аԥсны АҶА иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла, сынтәа аӡҭаларҭақәа рҟны 17 ԥсыҭбара ҟалеит: фҩык аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп иҭахаз, жәеизаҩык туристцәан.
Жьҭаара 14 рзы Аԥсны АҶА адырра ҟанаҵеит, Гагра амшын ишагаз ҩыџьа атуристцәа.