Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәшәтәразы аԥкаанҵа аиҭакрақәа аланагалеит

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аковид ҟәшақәа аҳақьымцәеи ареаниматологцәеи алархәны аилатәара мҩаԥигеит, уаҟа ишьақәырӷәӷәан аҿкы хьанҭаны изхызго рыхәшәтәразы аԥкаанҵа ҿыц.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23- Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус хьанҭаны изхызго апациентцәа рыхәшәтәразы аԥкаанҵа аиҭакрақәа аланагалеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Facebook адаҟьа аҟны.
Ачымазара ахәшәтәра аԥкаанҵа Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи, Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаареи аҵыхәтәантәи рабжьгарақәа рыла еиҿкаауп.
Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 ахәшәтәразы иҭаҵәахыу ахәшәқәа ртәы ирзааҭгылеит
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аковид ҟәшақәа аҳақьымцәеи ареаниматологцәеи алархәны аилатәара мҩаԥигеит, иара убас диԥылеит Аҟәа иҟоу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада.
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 30656-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 25907-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 441-ҩык.