Аԥсны

Аполиклиника аҳақьым хада COVID-19 ахәыҷқәа ирныԥшыр шауа далацәажәеит

Жьҭаара 25 азтәи адыррақәа рыла акоронавирус Аԥсны ирыдбалоуп 30 924-ҩык. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 447-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Акоронавирустә инфекциа ахәыҷқәа анырра рнаҭар алшоит ахьҭалаларатә синдром аҟазшьала, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа.
Жьҭаара 18 - 23 рыҩнуҵҟа ахәыҷтәы поликлиника аковидтә ҟәша иаднакылеит 98-ҩык ахәыҷқәа, 22-ҩык ачымазара рыдбалоуп.
Ари аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп ҩба-хԥа мчыбжьы рыҩныҵҟа.

Аковид ахәыҷқәа анырра рнаҭоит системалатәи ахьҭалалареи Кавасаки исиндроми рыла. Ахәыҷы дзыхьчар алшо адуцәа иҟарҵаз алаҵоуп, ҳәа илшьоит аҳақьым.

Абыхәԥҳа лгәаанагарала ашколтә ԥсшьарамшқәа аҽа мчыбжьык рыцҵара ачымазара еиԥнаҟьар алшон. Лара абыжьгара ҟалҵоит ахәыҷқәа аҳауаҿы рыҟазааразы.
Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аковидтә кабинет аус ауеит асааҭ 9:30 - 18:00 рзы, анализқәа асааҭ 12:00 рҟынӡа ирыдыркылоит.