Роспотребнадзор "дельта" AY.4.2 ашьҭкаара алшар ҟалоит ҳәа азгәарҭеит

Урыстәыла иаарԥшуп акоронавирус аштамм "дельта" AY.4.2 ахкы. Иҟоу азыԥхьагәаҭарала AY.4.2 Урыстәылеи адунеи аҟныи алаҵәара алшара ҳаракуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Аҵарауаа макьаназы акоронавирус аштамм "дельта" AY.4.2 ахкы еиҳа ихьанҭаны иухыуго иҟалар алшоит, ҳәа иазырыԥхьаӡом ҳәа аҩуеит РИА Новости Роспотребнадзор Ацентр аепидемиологиеи адиагностикатә метод ҿыцқәеи рыҭҵаарадырратә гәыԥ анапхгаҩы Камиль Хафизов иажәақәа шьаҭас иганы.
Белиаева: COVID-19 аштамм "дельта" ашьҭкаараан аинкубациатә аамҭа аҽаркьаҿит
Уаанӡа агәабзиарахьчаразы британиатәи амаҵзура (UK Health Security Agency, UKHSA) адырра ҟанаҵахьан зҽеиҭазкуа "дельта" еиҳа лассы иалаҵәар ҟалоит ҳәа.
Британиатәи агәабзиарахьчаратә усбарҭақәа аԥхьанатә анализ алҵшәақәа ркьыԥхьит. Уи иаанамырԥшит VUI-21OCT-01 "дельтеи" рыбжьара шәарҭара еивыгарак ыҟоуп ҳәа.
ААЕ адыррақәа рыла индиатәи аштамм (дельта), B.1.617 захьӡу аарԥшын 2020 шықәса жьҭаарамзазы. Иара аинкубациатә аамҭа еиҳа икьаҿуп, ауаҩы ицәеижьгьы еиҳа анырра ӷәӷәаны ианаҭоит. Уи адагьы ацәеижь алҵра аамҭа еиҳа еиҳауп.
Дельта аҽеиҭанакуеит, ахкқәа рацәахоит. Зегь раасҭа ишәарҭоу ҳәа аҵарауаа иршьоит дельта-плиус. Ааигәа иаарԥшу AY.4.2 астатус азы аҵарауаа макьаназ ҳәамҭа ҟарымҵац.