АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 497-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 149-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит аҿкы зыдбалаз 1932, 1938 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 79-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 36-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 32-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык ачымазаҩцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - шәҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.