Аԥсны

Аԥснытәи ажурналистцәа алахәуп Москва имҩаԥысуа апроект SputnikPro

Аҩаша, Москва ихацыркхеит арккаратә проект SputnikPro латәаратәи асессиа ИАР атәылақәа ржурналистцәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ажурналистцәа Миранда Шьониаԥҳаи Наур Гәынбеи алахәуп апроект SputnikPro.
Апроект иара убасгьы иалахәуп ателеканалқәа PRIME (Молдавиа), Абыжьбатәи аканал (Ҟазахстан), Гомельтәи ақалақьтә радио (Белоруссиа), Caspian International Broadcasting Company (Азербаиџьан), апорталқәа kundemi.kg (Киргизиа), halva.tj (Таџьикистан), erit.am (Ермантәыла) уҳәа рҟынтәи ажурналистцәа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы иалацәажәоит еиуеиԥшым ажурналисттә занааҭқәа реиқәшәара, аӡәы аинтервиугьы, афото аҭыхрагьы, асоциалтә ҳақәа рымҩаԥгарагьы, авидео амонтажгьы зегьы рыҟаҵара анилшо. Ари аҩыза акреативтә знеишьа ахархәара аҳҭоит SputnikPro арҵаратә модульқәа рҿы.
Арккаратә проект ауснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны алахәылацәа иддырдыруеит ҳаамҭазтәи амультимедиатә АИХқәа русура, амедиа асоциалтә ҳақәа рылахәра, Telegram-каналқәа рымҩаԥгашьа. Апрактикатә аҟазаратә-классқәа раан ажурналистцәа ҿарацәа Sputnik аекспертцәа рнапхгарала амедиа аҿаԥхьа иқәгылоу еиуеиԥшым аусхкқәа аус рыдыруылоит.
Sputnik аштаб-квартираҿ аҟазаратә-классқәа ҩымш имҩаԥысуеит.
SputnikPro амодульқәа аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа рзы имҩаԥысуеит ИАР аусқәа рзы Афедералтә маҵзура апрограмма "Абиԥара ҿыц" аԥшьгамҭала.