АҞӘА, жьҭаара 27– Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуҩ Рашид Нургалиеви еиԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит аҳәаахьчаратә шәарҭадареи, аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аусушьеи, иара убас еиуеиԥшым аекономикатә усхкқәа ршәарҭадара иазкыз азҵаатәқәеи.
Уи аԥхьа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки еиԥылахьан.