"Спутник Лайти" аимҳәазы алаҵеи аамҭак ала реицыҟаҵара ҟалоит

Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит "Спутник Лайт" ала. Ари амчыбжь аҩнуҵҟала иааргараны иҟоуп аимҳәазы алаҵагьы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра азин ҟанаҵеит "Спутник Лайти" аимҳәазы алаҵеи аамҭак ала реицыҟаҵара, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Аимҳәазы алаҵа аҟаҵараани алаҵа "Спутник Лайт" аҟаҵараани аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәа иаадырԥшит акоронавирус азы алаҵа аиммуногенра шеиҵамхо. Иеиҵахом аимҳәазы алаҵа аҟазшьақәагьы", - ҳәа азгәаҭоуп ахәшәқәа рзы аҳәынҭқарратә реестр аҿы.
Агәабзиарахьчара аминистрра азин ҟанаҵоит ковиди аимҳәеи рзы зныкала алаҵаҟаҵара
Убри аан иҟалом алаҵақәа рыҩбагьы гәыркны рыҟаҵара, акы арма жәҩахыр иаларҵоит егьи арӷьа.
Уаанӡа аусбарҭа азин ҟанаҵахьан аимҳәазы алаҵеи "Спутник V" реицыҟаҵаразы.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла Аԥсны аимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагараны иҟоуп абҵарамза алагамҭаз. Акоронавирус аҟынтә алаҵа "Спутник Лайт" нанҳәа 10 инаркны ирзыҟарҵоит.