Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит жьҭаара 29 рзы

Аҳҭнықалақь Аҟәа аиҳарак ӡыда иаанхоит Лакоба имҩаҿы имҩаԥырго аусурақәа ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28- Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит жьҭаара 29 рзы, абри атәы рҳәеит ақалақь ахадараҟны.
Жьҭаара 29 рзы асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа ӡыда иаанхоит Ажәытә ҳабла, "Колос", Ешба имҩаду, Адыгаа рымҩа, ақалақь агәҭа, ВИЕМ, иара убас аџьармыкьеи Алашарбагеи иахьрыҵанакуа.
Аҳҭнықалақь ахадараҿы ишырҳәаз ала, ауааԥсыра ӡыда иаанхоит Лакоба имҩаҿы имҩаԥырго аусурақәа ирыхҟьаны.