АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны иҟоу аепидҭагылазаашьа иахҟьаны жьҭаара 28 инаркны 30-нӡа аԥсуа-қырҭуа ҳәаа ахысразы аԥкрақәа алагалоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура.
Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов иажәақәа рыла, аусуразы аҳәаа иахысуа аԥкрақәа ирыҵанакуам.
Уи аамҭазы ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны асанитартә рыцқьарақәа мҩаԥыргоит.
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 31194 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 26512 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 450-ҩык. Иахьатәи аамҭазы амедусҳәарҭақәа рҟны ишьҭоуп 280-ҩык инареиҳаны аҿкы зыдбалоу Аԥсны атәылауаа.