АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik, Асмат Цвижба. Аԥсны аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2022 шықәса аусутә мзар.
Ақәҵара инақәыршәаны аныҳәамшқәеи аԥсшьарамшқәеи реиқәшәараан аԥсшьарамшқәа ииагахоит:
Ажьырныҳәа 1 (асабша) - ажьырныҳәа 3 (ашәахьа) ахь
Ажьырныҳәа 2 (амҽыша) - ажьырныҳәа 4 (аҩаша) ахь
Ажьырныҳәа 8 (асабша) – ажьырныҳәа 10 (ашәахьа) ахь
Мшаԥы 24 (амҽыша) – мшаԥы 25 (ашәахьа) ахь
Лаҵара 1 (амҽыша) – лаҵара 2 (ашәахьа) ахь
Нанҳәа 28 (амҽыша) – нанҳәа 29 (ашәахьа) ахь
Абҵара 26 (асабша) – абҵара 28 (ашәахьа) ахь.
Аныҳәамшқәеи аусутә мшқәеи ирманшәаланы ахархәаразы ахаша, ажьырныҳәа 5 ииагоуп асабша, ажьырныҳәа 28 ахь.
Амҽыша, мшаԥы 24 Амшаԥныҳәа иахьақәшәо азы ашәахьа, мшаԥы 25 усуратә мшымкәа ишьоуп.
Иныҳәамшны, иусуратә мшымкәа ишьоуп: ажьырныҳәа 1, 2, 7, 14, хәажәкыра 8, лаҵара 1, 9, 23 (Ацҳаражәҳәаҩ Симон Кантәи имш), нанҳәа 26, цәыббра 30, абҵара 26.
Иусуратә мшымкәа ишьоуп Кәырбаныҳәа, аԥсылманцәа рымзар инақәыршәаны 2022 шықәсазы аныҳәа ақәшәар ҟалоит рашәарамза, аныҳәа хымз шагу арыцхә шьақәырӷәӷәахоит.