АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 472-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 144-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы иԥсҭазаара далҵит 63 шықәса зхыҵуаз ахаҵа. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ԥсҭазаара далҵит 54 шықәса зхыҵуаз ахаҵа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы иԥсит аҿкы зыдбалаз 1938, 1961 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 80-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 30-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык ачымазаҩцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 106-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.