АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Аԥсуа милициа шәышықәса ахыҵра аиубилеитә уснагӡатәқәа азгәаҭахоит аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа ирықәныҟәаны ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аԥсуа милициа 100 шықәса ахыҵуеит 2021 шықәса абҵарамзазы. Аԥыза-министр Александр Анқәаби Аԥсны ААР ахада и.н. Руслан Ажьибеи имҩаԥыргаз аусутә еилацәажәараҿы иазгәарҭеит иазыԥхьагәаҭо ауснагӡатәқәа ркьаҿзарц, аҿкы аламырҵәаразы.
Анқәаби Ажьибеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусура атәы иалацәажәеит. Ҷыдала иазааҭгылан акриминогентә ҭагылазаашьа, акоронавирус аламырҵәаразы ахылаԥшра амҩаԥгара, закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаара.