АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Жьҭаара 27 инаркны ганклатәи амашьынақәа рныҟәара алагалоуп Аҟәа амҩадуқәа ҩба рҟны, аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аусуратә мшқәа раан асааҭ 08:00 - 19:00 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Академик Марр имҩала Лакоба имҩа инаркны Арӡынба имҩаҟынӡа ганклатәи амашьынаныҟәара еиҿкаахоит, иара убас Ажәанба имҩала Аиааира амҩаду инаркны Лакоба имҩаҟынӡа.
Аус азы аҭакԥхықәра зду амаҵзурақәа иахәҭоу амҩатә дыргақәа дыргылеит.
ААИ Аҟәатәи аҟәша аиҳабы Дмитри Григолиа иажәақәа рыла, амҩатә ԥҟара ҿыцқәа иамышьцылац арныҟәцааҩцәа аԥхьатәи амчыбжь азы ахараԥса рыдҵахом.
"Ари аҭагылазаашьа арҭ амҩақәа рҿы инхо ауаа ақәшаҳаҭуп, дара рзы уадаҩрак ҟалом. Дасу дахьынхо аҭыԥ ахь анеира азин иоуеит", - иҳәеит Ҭимыр Абӷаџь.
Аҟәа ақалақь аҿы Академик Марр имҩали Ажәанба имҩалеи ганклаытәи аныҟәаразы адҵа инапы аҵаиҩит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба 2021 шықәса, нанҳәа 6 рзы. Цәыббра 17 азы Ақалақьтә еизара адепутатцәа ари иақәшаҳаҭхеит.