АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аҟәатәи "Аӡыканал" Кьалашәыртәи аӡыҭгагатә станциаҿы еиҭашьақәдаргылаз аусура иалагеит, ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аӡы уаанӡеиԥш ауааԥсыра ирызнеиуа иалагеит.
Кьалашәыртәи аӡыҭгагатә станциаҿы мчыбжьык аҩнуҵҟа аӡхагалагақәа ҩба шьақәҟьеит. Ӡыржәтәда иаанхеит Ҷанба имҩа, Ӡыгәҭа ақыҭа, Турбаза араион ахәҭак руааԥсыра.
ААТИ ахь аиҭашьақәыргыларазы инашьҭын жьҭаара 25 азы.
Аҟәа ақалақь ахадара анхарҭа-коммуналтә нхамҩа Адепартамент аиҳабы Руслан Аҩӡба иажәақәа рыла ари аамҭалатә усуп. Аҳҭнықалақь анапхгара Кьалашәыртәи аӡыҭгагатә станциазы амыруыга ҿыцқәа ҿарҵеит азауад "Свердмаш" аҿы, аха уи ҩымзҟа аамҭа аҭаххоит, азауад аҿы ихиоу амыруыгақәа ахьыҟам азы.