Арадио

Агрба Шьынқәба ииубилеи азы: апандемиа шыҟоугьы, имҩаԥаагартә алшара ҳауеит

Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра аҳаҭыр азы зеиҿкаара азгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Sputnik
Аԥсны акультура аминистрра иазԥхьагәанаҭоит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи афестиваль аиҿкаара. Ари азҵаара Акультура аминистраҿы иалацәажәан аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа адгаланы. Аԥсны Жәлар рпоет, Адыгатәылеи Ҟабарда-Балкариеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса ҵуеит лаҵара 12, 2022 шықәса рзы.

"Аԥхьатәи аилатәараҿы иҳаӡбеит. Досу рпроектқәа ӡырыргоит, ҩымчыбжь рнаҩс аусутә еиԥылараҟны урҭ шьақәҳарӷәӷәоит. Даара ирацәоуп иҟаҳҵо апроектқәа иааиуа ашықәс азы, урҭ зегьы зыдҳәалоу еиҿаҳкаарц иаҳҭаху Жәларбжьаратәи афестиваль ауп. Ашәҟәыҩҩцәа реилазаара убас еиԥш ажәалагала ҟарҵеит, ҳаргьы аԥыза-министр иахь ашәҟәы ҳашьҭит, иаҳҭахуп Баграт Уасил-иԥа ихьӡала апремиа аԥҵазарц. Уажәы аус адулара ҳаҿуп ақьаадқәа реиқәыршәара. Уи макьана исызшәаҳәом хышықәса рахьынтә знык иҟало, мамзаргьы даҽакала акәу, насгьы аноминантцәа шалххо", - иҳәеит Агрба.