Аԥсны

Апрокуратура Хашҭа ақыҭа анапхгара еимырҵәаз аԥаразы ашьаус аӡбарҭахь инанашьҭит

2021 шықәса цәыббрамза 21 рзы апрокуратура ашьаус хацнаркит Хашҭа ақыҭа ахадеи, ақыҭа абригадири рганахь ала рмаҵзуратә ҭагылазаашьа рхы иархәаны аԥара еимырҵәеит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Хашҭа ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Гамисониеи, ақыҭа актәи абригада абригадир Рамаз Гиделиеи рганахь ала заанаҵтәи аҭҵаарақәа мҩаԥганы Гал араион апрокуратура аус Галтәи араионтә ӡбарҭахь инанашьҭит, аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла Хашҭа ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Гамисониеи, ақыҭа актәи абригада абригадир Рамаз Гиделиеи иргаз аԥара дырхынҳәит.
Иара убасгьы Гал араион апрокуратура аусзуҩцәа иааныркылаз Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада Беслан Туркиа 660 147 нызқь мааҭ шитәитәыз имаҵзуратә лшара ихы иархәаны иҿы иқәшаҳаҭхахьан.
Хашҭа ақыҭа ахадараа иеимырҵәаз аԥара дыргьыжьит