Аԥсны

Бжьаниа аҵарауаа реилазаара Аҭҵаарадырра Амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵан 1997 шықәса жьҭаара 30 азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҵарауаа реилазаара Аҭҵаарадырра Амш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Арадио
Џьапуа: аҭҵаарадырра ашьаҭа змам аҳәынҭқарра, аҳәынҭкараа анҵыра амаӡам
"Аҵарадырра – ари уԥсҭазаара зегьы иуадаҩу аус азкроуп, иҿыцу аартрақәа, иҿыцу адыррақәа раарԥшроуп. Ҳҵарауаа дуқәа рыхьӡ хьтәы нбанла иануп аџьынџьтә еиԥш адунеитә ҭҵаарадырра аҭоурых аҿгьы", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Ахада иазгәеиҭеит аҭҵаарадырра ада аҳәынҭқарра аҿиара шзалымшо.
"Агәахәара ду унаҭоит иахьатәи аԥсуа ҵарауаа рабиԥара аблаҷыц еиԥш ихьчаны иҟоу атрадициақәа ахьеихарҳауа, рдыррақәа ахьеимырдо, еиҵагыло аҿар рԥышәа ахьрымардо", - азгәеиҭеит ахада.
Атәыла ахада иҳәеит аҳәынҭқарра ԥхьаҟагьы аҭҵаарадырра аҿиара азхьаԥшра шанаҭало, аҵарауаа раԥшьгамҭақәа ишрыдгылало.